АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. Геленџьиктәи аҳаирбаӷәаза хышықәса рышьҭахь Москвантәи раԥхьатәи ареис аднакылоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аҳаиреилахәыра "Аэрофлот" аҳаирплан асааҭ 15:25 рзы итәеит, уи 175-ҩык апассаџьырцәа ақәтәан.
Ԥхынгәымза алагамҭазы Росавиациа аҳаирбаӷәаза аусура ишеиҭалаго азы адырра ҟанаҵеит.