АҞӘА, ԥхынгәы 18 — Sputnik. WhatsApp Урыстәылатәи аџьармыкьа ааннажьыр ҟалоит, уи ахаҭыҭыԥ ан амилаҭтә мессенџер МАХ иааннакылоит ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә Дума ИТ-еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Антон Горелкин.
Горелкин иазгәеиҭеит, WhatsApp иҩыза-тәылам Урыстәыла зхархәара ԥку апрограмматә еиқәыршәарақәа рсиа иалаҵахар ҟалоит ҳәа.
Telegram акәзар, уи астатус макьаназы еилкаам. Роскомнадзор ашәҟәынҵаҿы иахьҭаҩу атәыла ҳәа иарбоу Британиатәи Виргинтәи адгьылбжьахақәа роуп, аха Павел Дуров иеилахәыра аофис хада Еиду Арабтәи Аемиратқәа рҿы иҟоуп.
Горелкин игәаанагарала, Telegram аԥкра зҭоу апрограмматә еиқәыршәарақәа рсиа иаҵанакӡом, еиҳаракгьы урыстәылатәи азакәанԥҵара иақәныҟәозар.
Мета* Урыстәылатәи Афедерациаҿы аекстремисттәуп ҳәа иазхаҵоуп, аусура азин ыҟаӡам.