Аицлабрақәа иалахәын Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи, иара убас Москвеи Краснодари рҟынтәи 70-ҩык инареиҳаны аӡсаҩцәа ҿарацәа.
7-17 шықәса зхыҵуа алахәылацәа 25, 50, 100, 200 метра рҟны еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла еицлабуеит: зых иақәиҭу астиль, абӷақәиаратә, адаӷьырӡса, ахиалаӡсара, аидкылаӡсаратә.