Аԥхын хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа ҳанырзыԥшу, атуризм ахырхарҭа зегьы дара ианырзаҳкуа, иҳаҩҳажьуеит аҭыԥантәи ауаа рыԥсшьара аиҿкаара, аҩныҵҟатәи атуризм азхьаԥшра. Ҳтәылауаа рзы еиҳа имариоу, аха убри аан азҿлымҳара змоу ахырхарҭа знапы алакыда иахьа? Иарбан ҭыԥқәоу дара зызҿлымҳау? Насгьы иамоума аҩныҵҟатәи атуризм хырхарҭак аҳасабала аԥеиԥш? Арҭқәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Амилаҭҭә туристә еилахәра аусзуҩ Алхас Қаԥшь.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.