Аԥсны

Асҭамыр Џьопуа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс далхуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Асҭамыр Џьопуа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс далхуп.
Алхрақәа мҩаԥысит 34,2% ауаа рааирала, 4000-ҩык инареиҳаны алхыҩцәа рҟынтәи 1405-ҩык ауаа рыбжьы рҭиит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә комиссиа ахантәаҩы Станислав Занҭариа.
26-тәи араион аҿы абжьыҭира хыркәшахеит асааҭ 20:00 рзы.
Аԥсны
Алхратә ҭыԥ хада №26 аҟны Апарламент ахь адепатут иалхрақәа шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡоуп
Џьопуа Асҭамыр Даур-иԥа диит 1991 шықәсазы. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аинформациеи аналитикеи рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп. Дынхоит Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан.