Аԥсны

Ауадҳара алагерь "Аԥсар" аҿы ахбыџцәа рзы ашьхазыҟаҵара амш мҩаԥысит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Ауадҳара еиҿкаау алагерь "Аԥсар" аҿы ахбыџцәа рзы арра-патриоттә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашьхазыҟаҵара амш мҩаԥысит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи, Аԥсны Азинхьчаратә усбарҭақәа рассоциациеи русзуҩцәа ахәыҷқәа рзы ашьхаҳаракыраҿы ашәарҭарақәа раан ахыхьчареи, аиқәырхаразы, акомандатә усуреи рзы азыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Азинхьчаратә усбарҭақәа рассоциациа.
Ахәыҷқәа иддырҵеит шахала абахәқәа рҟынтәи албаашьа, ашьхахаларазы амаҭәарқәа рхархәашьа, "амашәыр иақәшәаз" иеиқәырхара, раԥхьатәи ацхыраара иҭашьа, абнаҿы ушҟьамлаша, аӡиас арсшьа, автомат аибыҭашьа, иара убасгьы аԥырҩы дызҭам аҳаирплан ахархәашьа. Афинал аҿы ақәыԥшцәа ирҵаз зегьы апрактикаҿы иаадырԥшит акомандатә еицлабра "Ашьхеиқәырхаҩ" аҿы.