АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Драндатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №26 аҟны Жәлар Реизара адепутат иалхразы алхрақәа мҩаԥысуеит иахьа.
Абжьыҭаразы алхратә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Драндатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №26 аҿы Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатс Асҭамыр Џьопуа заҵәык иоуп ашәҟәы иҭагалоу. Драндатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы алхырҭатә ҭыԥқәа фба аартхоит, алхыҩцәа рсиақәа ԥшь-нызқьҩык ануп. Алхрақәа шьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡахоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 25% алхрақәа рҿы рыбжьы рҭиир.
Ҿыц иалххо адепутат инапынҵақәа наигӡалоит 2027 шықәса хәажәкырамзанӡа — Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара аусура аҿҳәара нҵәаанӡа.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит 2022 шықәса хәажәкырамзазы. Ари аҭыԥ аҿы депутатс далхын 50,28% абжьы зауз Адгәыр Ҳаразиа. Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит. Ҳаразиа ишьҭазаара рылаҳәан.
Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Апарламент адепутатцәа Ҳаразиа адепутат илакьымсра имхразы рыбжьы рҭиит, лаҵарамза 20 рзы – идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы. Рашәарамза 14 рзы Ҳаразиа дырбаандаҩын.