Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы иахьа иаартхоит ажәҩан аҵаҟа амузеи. Шықәсыки бжаки раахыс адгьылҵакыра арыцқьареи азыҟаҵареи иаҿын — амҩахәасҭақәа шьҭаҵоуп, алашарбагақәа, аҟәардәқәа, ажрақәа ирыкәыршаны агәараанда шьақәыргылоуп, ахьчаҩцәа руада еиқәыршәоуп.
Аҭааҩцәа рзы згәашәқәа аазыртуа амузеи аҵакы, иаԥнаҵо алшарақәа, жәларбжьаратәи аԥышәа ахархәареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит ААУ аҭоурыхтә факультет адекан, археолог Алик Габелиа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.