Аԥснытәи аволонтиорцәа Ханты-Мансииск имҩаԥысуа Урыстәылазегьтәи аҿартә еко-форум "Арктика. Лед тронулся" иалахуп. Урҭ Анапа ақалақь аҿы амшын анефҭ анхылаз иҟалаз арыцҳара хатәгәаԥхарала ақәҿызҭыз, арыцқьаразы акциа иалахәыз роуп. Афорум алахәылацәа ирылацәажәоит аекологиа, атуризм арҿиара, аҭҵаарадырра-технологиатә ԥеиԥш, иара убас Арктика иҭышәынтәаланы аҿиара азҵаарақәа.
Афорум алахәыла Руслан Амҷба иаҳа инарҭбааны далацәажәеит аусмҩаԥгатә аиҿкаашьа, ирнаҭо атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.