Арадио

Абнатә былрақәа ршәарҭара: абнахьчаҩ иҿцәажәара

Sputnik
Аԥхын ашоура бааԥсқәа ианраамҭоу есышықәса абнақәа ашәарҭара иҭагылоуп. Уи дыршаҳаҭуеит арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәыла, Кипр, Канада, Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҿы ицо абылрақәа. Иарбан гәҽанызаароу иаарԥшлатәу ҳабнақәа рыхьчаразы, ршәарҭадаразы, урҭ ахылаԥшра ахьынӡарымоу, ишԥамҩаԥысуеи агәаҭарақәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Аԥсны абнанхамҩа аусбарҭа Гәдоуҭатәи аҟәша абнахьчаҩ Радион Ҟәыруа.
Шәазыӡырҩы аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.