Тҟәарчалтәи агуманитартә - ааглыхратә коллеџь алаҳәара ҟанаҵеит аҵараиурҭа аҭаларазы. Абжьаратә занааҭ аиуразы иарбан лшарақәоу иаԥнаҵо аколлеџь, шаҟа маҭәар арҭар акәу, иарбан документқәоу иалаҵатәу, ианбарылагои аҵараиурҭа аҭаларазы адкыларатә ԥышәарақәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Тҟәарчалтәи агуманитартә - ааглыхратә коллеџь аиҳабы Ельвира Ҷкадуаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аподкаст.