Аԥсны ақыҭанхамҩатә дгьылқәа даҽа категориақәак рахь риагара алмыршаразы фымзтәи аморатори аларгалеит Апарламент адепутатцәа. Ари азҵаара атәыла анхамҩатә дгьылқәа рзы иҵарны иахьынӡақәгылоу, хылаԥшрас иаҭатәны иҟоу, иабанӡеилыргоу ақәаарыхраз иманшәалоу, мамзаргьы иманшәалам ҳәа иԥхьаӡо адгьылқәа, Ақыҭанхамҩа аминистрра иарбан проблемақәоу иалнакаауа ари аганахьала, насгьы азҵаарақәа раԥыхразы аамҭалатәи аморатори абанӡахәарҭоу? Арҭқәа дрылацәажәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.