Аҳҭнықалақь аҟны иаатит хымш имҩаԥысло агастрофестиваль. Уи алашара-музыкатә ӡыршә аартра иадҳәаланы аиҿкаара азырыӡбеит азеиԥшкрыфарачара аусхк знапы алаку аҟәатәи абизнесуаа. Убасгьы, аӡыршә аартра аламҭалазы, урыстәылатәи афонд "Добрые технологии" аконцерт еиҿнакаауеит. Иаауеит еиуеиԥшым ансамбльқәа, иқәгылоит аԥсуеи аурыси аестрада ашәаҳәаҩцәа. Афестиваль ахаҭа Аҟәеи ареспублика араионқәа зегьи алахәхоит, дара ачысҟаҵаразы еицлабуеит. Иара уаҟа аҭыԥантәи аҟазацәа раалыҵқәа ахьӡырыргаша ацәыргақәҵатә стендқәагьы ргылахоит.
Ари фестиваль иалаху очамчыраа иахьа афестиваль аҭааҩцәа рзы иаздырхиаз ачысқәа ртәы еиҳа инарҭбааны иаҳзеиҭалҳәеит Амра Булискериаԥҳа - араион акультура аҟәша анапхгаҩы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.