Аԥсны ахаҭарнакцәа афорум “Территория смыслов” аҿы “Амаҵ азура” захьӡыз асмена рҽаладырхәит. Мчыбжьык иалагӡаны еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ирыман алшара рколлегацәеи дареи апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны зыхьӡ нагоу асасцәа рлекциақәа рзыӡырҩра, алахәылацәа рԥышәа рымдара. Еиҳа инарҭбааны ари аусмҩаԥгатә аиҿкаашьа атәы еиҭеиҳәеит афорум алахәыла, Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа (АҩАР) Гәдоуҭатәи аҟәша аусуҩы Инал Ҳагба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Ԥхынгәы 31 инаркны нанҳәа 4-нӡа анапхгаратә ҟазарҭа "Сенеж" аҿы Урыстәылазегьтәи аҿар рфорум "Территория смыслов" асмена "Амаҵ азура" мҩаԥысит. Анапхгаратә ҟазарҭа "Сенеж" - Урыстәыла ахада иплатформа "Россия - страна возможностей" арҵаратә центр ауп, Москватәи аобласт аҿы иҟоуп.