Атурсезон аилашымҭа: аҭааҩцәа иҟоу иҟаму еилаҳкаауеит

Sputnik
Аԥсны нанҳәамзазы еиҳа аԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа хәба рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит АТОР адыррақәа рыла. Уи аҿаҵарақәа рҟынтәи 7,4% ааннакылоит, Ҭырқәтәыла, Мысра, Урыстәылатәи акурортқәа рышьҭахь аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп.
Иабанӡарныԥшуа арҭ ахыԥхьаӡарақәа аҭыԥантәи аотелиерцәа, асезон аилашымҭа аҭааҩцәа абанӡарзаанагеи, насгьы урҭ радыԥхьаларазы иҟаҵатәу азы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Афон ҿыц иҟоу аԥсшьарҭа ҩны аԥшәма Витали Смыр.
Шәазыӡырҩы аудио.