Аҟәа имҩаԥысыз амилаҭ чыс афестиваль аҿы "Иреиӷьу аишәачара" аицлабраҟны Очамчыра араион алыркааит. Аԥыжәара згаз араион 750 бжьы аиуит, "араӡны" иаԥсахеит Гәылрыԥшь араион - 514 бжьы, ахԥатәи аҭыԥ аҿы Гәдоуҭа араион - 497 бжьы. Асасцәа QR-код ахархәарала иргәаԥхаз араион рыбжьы арҭон. Уи азы асасдкылара аус ишазнеитәыз, аҭааҩцәа еиҳа иргәаԥхаз, иалыркаауаз, насгьы ас еиԥш иҟоу алҵшәа аарԥшра маӡақәас иаҵоу арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Кәтол ақыҭа ахада Алиас Голанӡиа.
Шәазыӡырҩы аудио.