Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа 2026 шықәсазы амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуеи Аҟәатәи абаӷәаза аҵеи рҿы мҽхакы ҭбаала ажрақәа мҩаԥыргараны иҟоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҩҳәынҭқаррак рҵарауаа Аԥсны имаҷымкәа аҭҵаарақәа еицымҩаԥыргахьеит. Арҭ аусеицурақәа рҟны аҵарауаа русура еиҿкаашьас иамоу, иазоужьу аҟәрышь ахьынӡанаӡо, уҳәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит археолог, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркада Џьопуа.