Амшын аҭалараан ашәарҭадара - ари азҵаара аԥхын аамҭазы акыр актуалра ацуп. Амшынӡы ахьеилало аҭыԥқәа рҟны изныкымкәа амашәырқәа ҟалахьеит. Уи зыхҟьо амшын аҵа ахьыҭҵаам акәу, ауааԥсыра иахьырзымдыруа, ма аԥҟара ахьеиларго азы акәу, ари атема иацу аҷыдарақәеи, амзызқәеи ашәарҭарақәеи ртәы арадио Sputnik астудиаҿы иалацәажәеит Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуеи Гагра араион абылраҽацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганбеи.
Шәазыӡырҩы аудио.