АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Ауатка зжәыз рыԥсҭазаара иахьалҵыз инамаданы Шәача инхо ҩыџьа ауаа аӡбарҭа аҭакра рықәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аӡбарҭақәа еицырзеиԥшу апресс-маҵзура.
Агәызҩара ззыҟоу 30 шықәса зхыҵуа аԥҳәыси 71 шықәса зхыҵуа лҩызеи, Адлер ақалақь аџьармыкьа "Казачи" аҿы аҩны иҟаҵоу аҩи ауаткеи роуп ҳәа анапыларшыра уатка рҭиуан.
Арыжәтәқәа ҭзыжьуаз еилкаам. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, арыжәтә иннарҵәаз рхыԥхьаӡара 10-ҩык раҟара ыҟоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп. Аха еилкаам арыжәтә шаҟа ҭиу, еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи изԥырхагахаз атуристцәа еиҳангьы иҟазар ауеит ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Ирина Волк. А
ԥкратә уснагӡатәқәа рахь иаҵанакуеит агәҩара ззыҟоу мызки 30 мши рыҩнуҵҟа рырбаандаҩра.