Аԥсны

2008 шықәса нанҳәамзазы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла иҭахаз ргәаладыршәеит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. 2008 шықәса нанҳәамзазы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла иҭахаз ргәалашәара иазку анцәаимҵаныҳәара мҩаԥысуеит Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла аиҳабыра алахәылацәа, адепутатцәа, ауаажәларра.