Аԥсны

Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷыхәмарырҭа ҿыцқәа ҩба аартуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷыхәмарырҭа ҿыцқәа ҩба аартуп. Урҭ Уасил Лакоба имҩеи Цәыббра 30 амҩеи рҿы Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала иргылоуп.
Ахәмарырҭақәа зегь рыла еиқәыршәоуп – ауаргьалақәа, ақәышьқьраарҭақәа, акарусельқәа, рыҵақәа ишәарҭам арезинала ихҟьоуп.
"Ҳара Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ахәыҷқәа рзы асоциалтә инфраструктура аҿиара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥаагоит. Иҳаҩсыз амза анҵәамҭазы ахәмарырҭақәа хԥа азҳархиеит, иахьа даҽа ҩба хиоуп", — иҳәеит аиҿкаара "Урыстәыла қәыԥш" Краснодартәи арегионтә ҟәша ахантәаҩы Роман Марченко.
Аҟәатәи Ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа инаҵшьны иазгәеиҭеит ауаа рацәа ахьынхо аҭыԥқәа рҿынтәи ауааԥсыра лассы-лассы аиҳабыра рахь аҳәарақәа шыҟарҵоз ахәмарырҭақәа рыргыларазы, уажәы Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраара иабзоураны ари апроблема аӡбара шалыршахаз.