Аԥсны

Аҟәа Пушкин имҩа аҭыҧ ақәҵара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аҟәа Пушкин имҩа аҭыҧ ақәҵара иалагеит. Ахаҳәҟьаԥс ҿыцны ишьҭарҵоит, ацәхыԥқәа рыԥсахуеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура.
Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭабра иазгәеиҭеит амҩаҿы игылаз анызҵлақәа ԥҟатәхеит ҳәа.
"Ари амҩаҿы игылаз аҵлақәа ажәхьан, урҭ рҟынтә ичмазаҩызгьы маҷмызт. Рдацқәа ӷәӷәала ихәарҽхахьан, ашьаҟауаа рзы, 10-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы, аҳҭнықалақь асасцәа рзы ишәарҭан", - иҳәеит иара.
Ҭарба иҳәеит, ақалақь ахадараҿ аӡбара анрыдыркылоз, аекологиеи аԥсабарахархәареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы агәаанагара ишазҵааз. Иԥырҟаз аҵлақәа рҭыԥан аҿыцқәа реиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп.