Аҵарауаҩ-афольклорҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Цира Габниа диижьҭеи иахьа 65 шықәса ҵит. Лара Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет доушьҭымҭан. Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Адунеизегьтәи алитература аинститут аҿы илыхьчахьан акандидаттә диссертациа "Аԥсуа афористтә жанрқәа" атемала. Аҵарауаҩ илыллыршахьаз, аҭҵаарадырраҿы ллагала атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.