Аԥсны

Аԥсны АдәАР Аахыҵ Уаԥстәыла АдәАР ахь ашәҟәы рышьҭит Хәымштәи аибашьра 17 шықәса ахыҵразы

Sputnik
АҞӘА, нанхәа 8 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы рышьҭит Хәымштәи аибашьра 17 шықәса ахыҵра инамаданы.
"Иуадаҩыз аамҭазы агәымшәареи афырхаҵареи аазырԥшыз Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар изықәшәаз ауадаҩра иахәҭаз аҭак арҭеит. Иахьа ҳара ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсҭазаара ахҭынҵаны, еиҵагыло абиԥарақәа рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аазгаз зегьы", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Аусбарҭаҿы инаҵшьны иазгәарҭеит ари агәалашәара амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аахыҵ Уаԥстәыла аиашьаратә жәлар ишрыдгыло, аибашьраан иҭахаз рзы ргәырҩа шрыцеиҩыршо.
Аԥсны
Гәынба Гаглоев 2008 шықәса нанҳәамзатәи ахҭысқәа 17 шықәса рхыҵразы ашәҟәы изишьҭит