АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи ахантәаҩы Алла Аҩӡԥҳа 75 шықәса лхыҵра лыдиныҳәалеит.
Аҳәынҭқарра ахада Аҩӡԥҳа ҭабуп ҳәа леиҳәеит акыр шықәса инеиԥынкыланы азинӡбара амаҵ ахьазылуаз азы, иахьатәи Аԥсны аҭоурых аҿы ашьҭа ӷәӷәа иаанзыжьыз лзанааҭтә усуразы.
"Шәара аҭоурых аҿы шәаанхоит раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥҳәыс ӡбаҩ шәакәны, насгьы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы имаҵураҭыԥ иахагылаз раԥхьаӡатәи аԥҳәыс шәакәны. Азинӡбара аусбарҭақәа рҿы акыршықәсатәи шәусура иалагӡаны Шәара шәыжәлар рҿаԥхьа хьӡи-ԥшеи шәырҳаит шәзанааҭ аҿы иаашәырԥшыз аихьӡара дуқәеи адырра ҳаракқәеи ирыбзоураны", — ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Алла Аҩӡԥҳа – Аԥсны зҽаԥсазтәыз азиндырҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу. Лара Аԥсны раԥхьаӡа акәны аԥсуа аӡбаҩ ԥҳәысны дҟалеит, Асовет Еидгылаҿы аҩбатәи аӡбаҩ ԥҳәысны, иара убас зегь раасҭа иқәыԥшыз аӡбаҩ ԥҳәысын.
Лара лнысымҩеи лзанааҭтә мҩеи ирызкны инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит Sputnik архивтә материал аҿы.