АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә парк аҭаларазы нанҳәамза 9 азы иаартхоит. Апарк аусзуҩцәа аӡымҭҟьар анлеи ашьҭахь амҩа иқәнагалаз аҳәынҵәеи ахаҳә-мҿыхәи аиҳарак дрыцқьеит.
"Аусурақәа уаҵәы автомашьынақәа рзы амҩа шаарту ирыцҵахоит", — ҳәа аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп.
Нанҳәамза 8 ашьыжьымҭан Бзыԥ аиҩхаа 14-тәи акилометр аҿы аӡиа Аӡиқәа (Голубое озеро - урысшә.) аӡымҭҟьар леит. Уи еиуеиԥшым аргыларақәа, "Атарзанка", игылаз амашьынақәа еиланажьит, 100 метрак раҟара амҩа хнаҟьеит.