Аԥсны

Захарова: аделимитациа Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаа ҭышәыннартәалоит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аҳәаа аделимитациеи азгәаҭареи Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауеит ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
"Урыстәыла, Аԥсни, Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи ргәылатәылак аҳасаб ала, арҭ апроцессқәа инарҭбааны рыцхраара иазхиоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Захарова илҳәеит жәларбжьаратәи аҭҵаара ишышьақәнарӷәӷәаз Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла бџьарла ишажәлази 2008 шықәса нанҳәамзазы Урыстәылатәи аҭынчрахьчаҩцәа ишрықәлази.
Усҟан Урыстәыла аҭынч уааԥсыра рыхьчаразы иахәҭаз ашьаҿақәа ҟанаҵеит, уи ашьҭахь Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра азхаҵарахьы инанагеит.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак иара убасгьы иазгәалҭеит арегион аҿы аибарххара арԥсыҽразы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара аҵак ду шамоу.