Ермантәылеи Азербаиџьани рԥызацәа ахәашаҽны, Вашингтон, Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Дональд Трамп далархәны рҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҭынч еизыҟазаашьақәа рзы адекларациа рнапы аҵарҩит. Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви рнапы зҵарыҩхьоу Аҭынчразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи аратификациеи рымҩаԥгара шхымԥадатәиу атәы аҳәоит. Ари ахҭыс Урыстәылеи Иран ишрыдыркылаз, анаҩстәи ашьаҿақәа зеиԥшрахо, насгьы Урыстәыла ахаҭа иԥеиԥшу аиҿцәажәара дуқәеи рзы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.