Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи Псковтәи аобласт аҭоурыхтә музеи-ҳәырԥсарреи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аусшәҟәы иаҵанакуеит еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәеи аконференциақәеи рымҩаԥгара, ацәыргақәҵақәа реиқәыршәара, аметодикатәи адырраҭаратә материалқәа реимдара, амузеитә материалқәа рфото-видеоеимадарақәа рымҩаԥгара. Ари аиқәшаҳаҭра хәарҭарас иалоу атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.