АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны атуристцәа рхыԥхьаӡарала иҳаҩсыз ашықәс аҩаӡара аҟынӡа инеир ҟалоит, уимоу уи иахысыргьы алшоит ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны урыстәылатәи атуристәеилахәыра аԥснытәи ахырхарҭа анаԥхгаҩы Сергеи Косилов.
Иара иажәақәа рыла, акурорттә аамҭазы ахашәалахәы ҵыԥх аасҭа еиҵахар алшоит, избан акәзар асасааирҭатә сегмент аҭираҿы иҟалаз аԥсахрақәа ирыхҟьаны атуристцәа рҭаара еиҵахеит.
"Ауаа рхыԥхьаӡара аганахьала сынтәа аԥыжәара ду ыҟам, аха ицәгьам. Афинансқәа рганахь ала азҵаарақәа ыҟоуп", — ҳәа иҳәеит Косилов.
Иазгәеиҭеит, ареспубликаҿы асанаториатә усхкы аҿиара асезон ашьҭахь цхыраара бзианы ишыҟало.
иара убас, АТОР адырра ҟанаҵахьан нанҳәамзазы зегь реиҳа иалыркаауа атуристтә ҭыԥқәа хәба рхыԥхьаӡараҿы Аԥсны шыҟоу.