Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа иаднакылаз аӡбарала, Аԥсны Ахада ицхыраарала, сынтәа аԥхынразы ҳтәылаҿы имҩаԥгаз Сибратәи Афедералтә Университет агастрономиа аинститут аҭаларазы аицлабраҿы иалкаан фҩык абаҩхатәра змоу ахәыҟаҵаҩцәа. Дара "Агастрономиа Иреиҳаӡоу ашкол" апрограммала атәыла иреиӷьу агастрономтә университет аҿы аҵара рҵалоит. Ахәыҟаҵаҩ изанааҭ ус мариоума, зегь ргәы иақәшәо афатә аҟаҵара иарбан маӡоу иамоу, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Сибратәи Афедералтә Университет агастрономиа аинститут иастудентхаз Данил Киут.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.