Сергеи Дбар ихьз зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи иаҭахеит асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иусумҭақәа 10. Дара аҭыхымҭақәа аибашьра иалагылаз, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызкуп. Ишԥаҟалеи урҭ рҭыхра, избан изазыӡбаз арҭ аусумҭақәа амузеи аҭара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит асахьаҭыхҩы ихаҭа Руслан Габлиа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.