Аԥсны

Ҟаитан дазааҭгылеит ҳтәылаҿы археологиа аҭагылазаашьа атәы

Sputnik
Нанҳәа 15 археологцәа ирымшны иԥхьазоуп. Дара акыр аинтерес зҵоу, ижәытәӡатәиу аамҭақәа рзы ажәларқәа рынхашьа, рыбзазашьа, ркультура, рҭоурых ҭырҵаауеит. Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә археолог Михаил Ҭраԥшь иоуп.
Иахьа ҳтәылаҿы археологиа иаҭагылазаашьоу, аусурақәа шымҩаԥысуа, лшарақәаси уадаҩрақәаси иҟоу, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik астудиаҿы дрылацәажәеит археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Шандор Ҟаитан. Шәахәаԥш инарҭбаау авидеонҵамҭа.