АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 29 карыжьит уахыкала Аҳауахьчаратә мчқәа атәыла арегионқәа рҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
10 — Ростовтәи аобласт аҿы,
9 — Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы,
4 — Курсктәи аобласт аҿы,
3 — Азовтәи амшын инахыкны,
акака — Бриансктәии Белгородтәии аобластқәеи Краснодартәи атәылаҿацәи рҿы.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 664, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 73 848, ЗРК 624, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 38 982, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 584, абзарбзани аминаршәгеи 24 407, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 37990.