Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла арегионқәа рҿы украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 46 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Уахыкала Урыстәылатәи аҳауахьчаратә мчқәа атәыла арегионқәа рҿы украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 46 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
16 — Белгородтәи аобласт аҿы,
14 — Нижегородтәи аобласт аҿы,
9 — Воронежтәи аобласт аҿы,
3 — Бриансктәи аобласт аҿы,
акака — Курсктәии, Орловтәии, Калугатәии, Смоленсктәии аобластқәа рҿы.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархан аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, украинатәи адронқәа 169.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 665, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 77 659 ЗРК 625, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 24 598, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 586, абзарбзани аминаршәгеи 28 581, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 39 749.