Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путини Еиду Америкатәи аштатқәа рхада Дональд Трампи реиԥылара иҭоурыхтәуп ҳәа азырҳәоит. Аҳәынҭқарра дуқәа рхадацәа реиқәшәара акраамҭа иазыԥшын, азҿлымҳара ду арҭеит адунеитә политикаҟны. Ихадаратәу азҵаара - Урыстәылеи Украинеи рыбжьара иахьа иҟоу аиҿагылара аҭышәныртәалара. Уажәтәи "тет-а тет" ҳәа ззырҳәо аиԥылара ахықәкы хада анагӡараҟны ҭыԥс иааннакыло, х-сааҭк иназынаԥшуа ицоз аиҿцәажәара ҭагылазаашьас иаԥнаҵо, аурыс-америкатә еизыҟазаашьақәа еиӷьу аганахьала рыԥсахра абанӡалнаршои? Арадио Sputnik аефир аҟны аҳәынҭқарра дуқәа рхадацәа Путини Трампи реиқәшәара еихишьаалеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.