Арадио

Аҿар ртеатр аиубилеи азгәанаҭоит сынтәа: актиорцәа рыҿцәажәара

Sputnik
Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр 10 шықәса ахыҵра лассы иазгәанаҭараны иҟоуп. Атеатр аԥҵан 2014 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала, аха аиубилеи азгәаҭара ииаган 2025 шықәсахьы. Ари аамҭа аҩныҵҟа атеатр аԥсҭазаара шышьақәгылаз, арепертуар зеиԥшроу, иарбан темақәоу ахшыҩзышьҭра ззыруа, актиорцәа ррольқәа шԥарыцааиуеи, аншлаг заухьоу ақәыргыламҭақәа арбану, арҿиаратә ус азы иарбан ҭагылазаашьоу, лшарақәас ирымоу атеатр анапхгареи актиорцәеи? Абарҭқәа ирылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкьи актиор Ахра Кәарҷиеи.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.