Аекологиатә акциа "Ицқьоу Гәылрыԥшь" еиҿыркаауеит араион ахадареи Аҿари аспорти русқәа рзы аилаки нанҳәа 23 рзы. Иарбан ҭыԥқәоу арыцқьаратә усурақәа ахьымҩаԥырго, маҭәахәыла иахьынӡеиқәшәоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион ахадара аҿар рполитика аҟәша аспециалист Аслан Ломиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.