Амедиалига Ахраҿа-2025 агаразы ашьапылымпылтә турнир хацыркхоит нанҳәа 29 рзы. Аҵәҭаԥсара аихшьаалақәа рыла ашьапылымпылтә клуб "Аԥсни" акоманда "Чертановеи" нанҳәа 30 рзы Аҟәа еиԥылоит. Аԥснытәи акоманда шышьақәгылоу, амедиалигаҿы раԥхьаӡа акәны ахәмарра рышҽазыҟарҵо, ҳкоманда ас еиԥш иҟоу алига ралахәхара лшарақәас иаанартыр ауа? Арҭқәа аефир аҿы дрылацәажәеит Ашьапылампылтә федерациа апресс - атташе Алхас Манаргиа.
"Даараӡа ихадоуп актәи ахәмарраҟны аиааира агара, астадион ахәаԥшцәа рыла арҭәра ", - ҳәа азгәеиҭеит Манаргиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.