Аԥсны

Алиса Гыцԥҳа арт-кластер "Таврида" аҿы аҟазаратә-класс мҩаԥылгеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Алиса Гыцԥҳа арт-кластер "Таврида" аҿы аҟазаратә-класс мҩаԥылгеит. Уи акластер аекспертцәа иалырхыз быжьҩык ауаа рхы аладырхәит.
"Ҳара аԥсыԥ лагаҩагара аус адааулеит, авокалтә позициа, анагӡаратә стилистика, арҿиамҭа аинтерпретациа аус рыдааулеит", — ҳәа лҩит лара.
Уи адагьы, Гыцԥҳа еизаз ирзеиҭалҳәеит акыр шықәса раахыс еиҿылкаауа амузыкатә еицлабра атәы, уи ахь алԥшаарақәа рхы рыладырхәырц ааԥхьара рылҭеит.
Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцԥҳа еиҿылкааз VI Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра-алабораториа Аҟәеи Москвеи Урыстәыла ахада икультуратә аԥшьгамҭақәа рфонд ацхыраарала имҩаԥысраны иҟоуп.