Урыстәыла

Бриансктәи аобласт аҿы иаанкылоуп украинатәи адиверсантцәа

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 20 - Sputnik. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа Бриансктәи аобласт аҿы украинатәи адиверсантцәа ааныркылеит.
Агәыԥ алахәылацәа Украина, Литва, Естониа, Норвегиа иҟоу мраҭашәаратәи аԥшыхәратә маҵзурақәа алархәны разыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Урҭ атранспорттә обиектқәа рҿы атерактқәа рымҩаԥгара ргәы иҭан.
Хҩык адиверсантцәа ҭадырхеит, даҽа хҩык ааныркылеит. Ирымхуп аурысшәақьқәа, 16 кьыла атҟәацга маҭәашьарқәа, агранатақәеи апатронақәеи, Украина Аԥшыхәратә усбарҭа хада анапхгареи дареи реимадаразы арадиостанциа.
Иаанкылоу Белгородтәи аобласт аҿы аихамҩа абомба аҵаҵареи егьырҭ атерактқәеи рымҩаԥгара ишалахәыз рҳәеит. Ашьаус аартуп. Агәызҩара ззыҟоу ауаа ырбаандаҩуп.