АҞӘА, нанҳәа 21- Sputnik. Украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 49 карыжьит уахыкала Аҳауахьчаратә мчқәа атәыла арегионқәа рҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
21— Ростовтәи аобласт аҿы,
7 — Воронежтәи аобласт аҿы,
5 — Белгородтәи аобласт аҿы,
4 — Ҟрым,
3-3 — Бриансктәии Колугатәии аобластқәа рҿы,
2-2 — Орловтәи аобласт, Амшын еиқәа инахыкны,
акака — Курсктәии Туалатәии аобластқәа рҿы.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархан аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, украинатәи адронқәа 169.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 665, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 77 659 ЗРК 625, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 24 598, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 586, абзарбзани аминаршәгеи 28 581, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 39 749.