Аԥсны

Аҟәатәи Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт 98 шықәса ахыҵит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Аҟәатәи Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт 98 шықәса ахыҵит.
Иара аартын 1927 шықәса нанҳәамза 24 рзы. Асовет аамҭазы араҟа ишәарҭоу авирусқәа ҭырҵаауан, ахәшәқәеи авакцинақәеи аҧырҵон, аԥышәарақәа мҩаԥыргон, уимоу "аҿара аген" ԥыршәон. Аҟәатәи ааӡарҭа акосмос аҭҵаараҿгьы алагала ду ҟанаҵеит. Абраҟоуп аорбитахь иԥырны, Адгьыл ахь лыҧхала ихынҳәыз раԥхьаӡатәи амаамынқәа ахьазыҟарҵаз.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аинститут аусура даара ианыԥшит, аҧстәқәа рацәаны иҭахеит. Аха уи аиҭашьақәыргылара рылшеит. Иахьа араҟа 500 инареиҳаны амаамынқәа нхоит, аинститут аусзуҩцәа урыстәылатәи рколлегацәеи дареи аҭҵаарадырратә усура иацырҵоит.
Аҟәатәи Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аҭоурых иазкны инарҭбаау аматериал шәаԥхьа Sputnik аурыс версиаҿы.