Нанҳәа 26 рзы иазгәарҭоит Аԥсны Ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара амш. 17 шықәса раԥхьа, нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара — ари аԥсуа жәлар зегьы рџьабаа иалҵшәоуп", — иҳәон Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Иабанӡахадароу иахьа Аԥсны азы жәларбжьаратәи азхаҵара, иарбан ҭагылазаашьоу иаԥнаҵаз уи арҭ ашықәсқәа рзы, аԥхьаҟа ҳҳәынҭқарра азхаҵара арҭбааразы лшарақәас иҟоу, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат, аҳәынҭқарратә-зинтә политиказы аилак алахәыла Инар Гыцба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.