Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: аконцертқәа, аспектакльқәа, ацәыргақәҵа, ацирк

Аԥсны акультуратә афиша нанҳәа 25 - 31 рзы. Шәаԥхьа, шәкультуратә ԥсшьара еиҿышәкаа.
Sputnik
Sputnik

Пицундатәи аконцерттә зал

Нанҳәа 25 асааҭ 17:00 –Валериа Барганџьиаԥҳаи Елена Анқәабԥҳаи рынагӡарала ауарӷан-вокалтә музыка аконцерт.
Нанҳәа 26, 29 асааҭ 17:00, нанҳәа 31 асааҭ 20:00 – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа иуарӷантә музыка аконцерт.
Нанҳәа 28 асааҭ 17:00 – Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр аконцерт.
Нанҳәа 30 асааҭ 17:00 – ауарӷантәи авокал-инструменталтәи музыка аконцерт.

Аԥсуа драматә театр

Нанҳәа 25 асааҭ 19:00 – аспектакль "Мирандолина". Арежиссиор Алхас Шамба.

Аԥсуа ҿар ртеатр

Нанҳәа 27 асааҭ 19:00 – аспектакль "Ашьажәыҩцәа рҭаацәара".

РУСДРАМ

Нанҳәа 25 асааҭ 19:00 – аспектакль "Шәышықәса азаҵәра". Арежиссиор Мариа Романова.
Нанҳәа 26 асааҭ 19:00 – аспектакль "Хьӡы змам аеҵәа". Арежиссиор Антон Корнилов.
Нанҳәа 27 асааҭ 19:00 – аспектакль “Абацәеи ахшареи”. Арежиссиор Егор Равински.
Нанҳәа 28 асааҭ 19:00 – аспектакль "Аметод". Арежиссиор Марк Вдовин.
Нанҳәа 29 асааҭ 19:00 – аспектакль "Виндзортәи аиҿахысрақәа". Арежиссиор Антон Корнилов.
Нанҳәа 30 асааҭ 19:00 – аспектакль "Ахьча Махаз". Арежиссиор Олесиа Невмержицкаиа.
Нанҳәа 31 асааҭ 19:00 – аспектакль "Аҳәынаԥкыга". Арежиссиор Андреи Сидельников.

Ацирк

Нанҳәа 27, 28, 29 асааҭ 18:00, нанҳәа 30 асааҭ 13:00, 18:00, нанҳәа 31 сааҭ 12:00; 16:00 — ацирктә шоу "Агәымшәақәа реҵәаџьаа". Аҟәатәи ареспубликатә стадион.

AUADA

Цәыббра 4 рҟынӡа ацәыргақәҵа "Шьхатәыла", асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа.

Stand-Up

Нанҳәа 27 - ашоу Comedy Баттл-и ТНТ аҿы Иаарту амикрафон-и рлахәыла Пиотр Евдокимов Аҟәа, Ruin Bar аҿы дықәгылоит.