АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа уахыкала украинатәи адронқәа 21 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
7 — Смоленсктәи аобласт аҿы,
6 — Бриансктәи аҿы,
3-3— Орловтәи аобласти Москватәи арегионқәеи рҿы,
2 — Москва инахықәкны,
акака — Калугатәии Твертәии аобластқәа рҿы.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархан аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, украинатәи адронқәа 169.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 665, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 77 659 ЗРК 625, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 24 598, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 586, абзарбзани аминаршәгеи 28 581, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 39 749.