Нанҳәамза 26 рзы ҳҳәынҭқарраҟны иазгәарҭоит Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Иахьазы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР. Жәибжь шықәса раԥхьа Урыстәыла иаднакылаз аӡбамҭа аҵакы, уи Аԥсны иазаанартыз алшара ҿыцқәа, иахьазы уи ахархәара ахьынӡаҳҭо, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аполитик, Жәлар реизара ԥасатәи аиҳабы Нугзар Ашәба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.