Арадио

Аволонтиорцәа-амедицина аусзуҩцәа рфорум Сенеж иалахәуп Аԥсны ахаҭарнакцәа

Sputnik
IХ Урыстәылазегьтәи аволонтиорцәа-амедицина аусзуҩцәа рфорум мҩаԥысуеит арҭ амшқәа рзы Сенеж. Уи иалахуп 400-ҩык ари ахырхарҭала адырра ҿыцқәа рырҳара иашьҭоу ахатәгәаԥхарауаа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Афорум апрограммеи, ахәарҭареи, уаҟа ироуа адырра ҿыцқәа анаҩс хархәарас аҭыԥан ирырҭо, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩы Саманта Делԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.