Аԥсны

Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсни Нижни Новгородтәи аобласти русеицура иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы Аԥсни Нижни Новгородтәи аобласти русеицура иалацәажәеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Баҭал Аиба, иара убас Нижни Новгородтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Олег Беркович напхгара зиҭо аделегациа ҳәа аарыцҳаит ахада ипресс-маҵзураҟынтәи.