АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа уахыкала украинатәи адронқәа 54 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
18 — Бриансктәи аобласт аҿы,
10 — Ҟрым,
9 — Амшын еиқәа инахықәкны,
8 — Твертәи аобласт аҿы,
2-2 — Орловтәии, Риазантәии, Тулатәии аобластқәа рҿы,
акака — Курстәии, Калугатәии, Новгородтәии аобластқәа рҿы.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархан аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, украинатәи адронқәа 169.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 665, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 77 659 ЗРК 625, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 24 598, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 586, абзарбзани аминаршәгеи 28 581, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 39 749.